Арадио

Кәартаа аҭыԥантәи ашылазы: аахәаҩцәа ианыргәаԥха, адәқьанқәагьы рышә ҳзаадыртит

Очамычра аус зуа аусбарҭа "Анхара" аиҳабы Борис Кәартаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ашыла алагареи аҭииреи рзы ирымаз ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Кәартаа аҭыԥантәи ашылазы: аахәаҩцәа ианыргәаԥха, адәқьанқәагьы рышә ҳзаадыртит

"Ҩышықәса иҳаман ауадаҩрақәа ҳаалыҵ аџьармыкьахь акылгаразы. Ауааԥсыра, агәра ргомызт, - ҳаалыҵ ахаҭабзиара Урыстәылантәи ииарго аиҳа ишеицәам. Аха, ҳгәы камыжькәа ҳус ҳаҿын, ҩышықәса- феида ҳамамкәа. Сынтәа ҳус бзианы ицеит. Аахәаҩцәа еилыркааит ҳаалыҵ шыбзиоу, урҭ ирго ианалага адәқьанқәагьы рышә ҳзаадыртит. Зны-зынла ҳанахьымӡогьы иҟоуп изҭаху зегьы рызнагара. Аалыҵ злаҳхуа аҭыԥантәи аалыҵ мацара ауп, арыцқьаразы иҳамоу атехнологиагьы бзиоуп, аџьықәреи иалоу хра злоу амаҭәашьарқәа зегьы еиқәырханы аахәаҩ иахь инаагоит. Аџьықәреи еиҳарак Галтәи аџьырмыкьа аҟынтә иаагоит, макьана анхаҩцәеи ҳареи ҳус еиқәыршәаны иҳамам, аха ҳаиԥымҟьакәа аус аауеит. Ҳзауад еснагь аус ауеит, мчыбжьык иалагӡаны х-тоннак рҟныӡа иаҳлагоит. Зегь реиҳа аамҭа рацәа зықәҳарӡуа арыцқьароуп", - иҳәеит Кәартаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.