"Сара ишыздыруа ала аҩбатәи атур аан аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба. ААК иаднакылаз ақәҵара ииашоуп. Сара издыруеит Баҭал Табаӷәуа акандидатцәа инапы зҵарыҩыз аиқәшаҳаҭра дшадымгылаз атәы, амала аофициалтә лаҳәараны иҟаиҵаизҭгьы АИХ рахь, усҟан иаҳа игәанаагара ӷәӷәахон. Усҟан иаҳәон аиҳарак абжьқәа згаз даиааит ҳәа, егьырҭ абжьқәа иахьацуҵоҳәа џьаргьы иҟаӡам. Уаанӡа ауаҩы ҳаиҿагылан ҳабжьы аҳҭон, уажәы-ҳидгыланы. Уажәтәи алхрақәа раан азакәан ԥсахын", - ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.
Шәазыӡырҩы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.