Урыстәылатәи аихамҩақәа апассаџьырцәа смс ала адыррақәа рырҭалоит

Апассаџьыр имобилтә ҭел аномер нижьыр илшоит абилеҭ анааихәо, уи ала адырра ирҭалоит аиҭакрақәак ҟалар.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аихамҩақәа амаҵзура ҿыц аларгалеит. Хәыда-ԥсада апассаџьыр адырра рырҭалоит адәыӷба аныҟәараамҭаҿ еиҭакрақәак ҟалар. Апассаџьыр имобилтә ҭел аномер нижьыр илшоит абилеҭ анааихәо, уи ала адырра ирҭалоит аиҭакрақәа раан.

Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аӡын аамҭахь ииасуеит

"Амаҵ аура еиҳа ахаҭабзиара аиӷьтәразы, адәыӷбақәа рпассаџьырцәа иҟалар зылшо аиҭакрақәа дырдырразы аҳәара ҟаҳҵоит абилеҭқәа аазхәо рмобилтә ҭел аномер нрыжьларц. Ари амаҵзура хәыда-ԥсадоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥхынтәи аамҭазы Аԥсныи Урыстәылеи адәыӷбақәа хԥа еимардоит.Рашәарамза инаркны нанҳәамзанӡа Москвеи Санкт-Петербурги рҟынтәи адәыӷба есыҽны ибжьыслоит.

Арҭ адәыӷбақәа Урыстәылатәи Афедерациаҿы иныҟәо адәыӷбақәа иреиуоуп: аплацкарт, акупе. Аԥсны иаҭаар зҭаху атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи рзы иманшәалоуп. Иара убасгьы иаку абилеҭ ала Аԥсныҟа аара алшоит. Уи иаанаго Адлерынӡа иааз атурист имҩа иациҵар илшоит автомобилтә транспорт ала.

Адәыӷба Санкт-Петербург – Аҟәа жьҭаара 12 рҟынӡа иныҟәалоит.