Акиносахьа "Дылда" Урыстәыла ахьӡала "Оскар" аиуразы иқәыргылоуп

"Дылда" - Кантемир Балагов аҩбатәи ирежиссиортә усумҭоуп. Иара аԥхьарбара мҩаԥысит 72-тәи Каннтәи акинофестиваль аҿы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәыла оскартәи аилак Кантемир Балагов ифильм "Дылда" аԥхьахә "Оскар" аиуразы иқәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Афильм ахҭысқәа мҩаԥысуеит Ленинград, 1945 шықәса рзы. Рыӡбахә еиҭаҳәоуп ҩыџьа аиҩызцәа, аблокада ашьҭахь аҭынч ԥсҭазаара азыхынҳәра зҽазызшәо.

Афильм адунеитә ԥхьарбара мҩаԥысит аофициалтә программа "Особый взгляд" аҿы (72-тәи Каннтәи акинофестиваль). Уа афильм аԥхьахәқәа ҩба аиуит. Иара убасгьы ианашьахеит аԥхьахә FIPRESCI.