Аԥсны Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала Гәымсҭа ацҳаҟны агәалашәаратә ӷәы аадыртит иахьа Аҟәа ахақәиҭҭәра амш инақәыршәаны. Уи аҟны иануп хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, 1993 шықәса хәажәкырамза инаркны мшаԥымзанӡа имҩаԥысуаз арратә операциақәа раан иҭахаз жәеизаҩык рыхьӡқәа.
"Абаталион "Шьараҭын" аиҿкаараан иалан уаашәҩык инарзынаԥшуа Ҟабардаа рыҷкәынцәа. Дара адгылара ӷәӷәа ҳарҭеит, хгәы шьҭырхит, ахаҵара злаз ракәын, реибашьышьа ҿарԥшыган. Ҵыԥх Гәымсҭа ацҳа иахьаҵанакуа иаартын март 15-16 рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан иҭахаз арԥарцәа ргәалашәаразы амемориал. Уи аҟны ианын аԥсуааи аҟабарда еибашьцәеи рыхьӡқәа. Иахьатәи амемориал ззаҳкыз "Шьараҭын" иалахәыз, алегендатә еибашьҩы, Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов игәыԥ иалаз Задин Торчоков, Анзор Шогенов, Камбулат Занилов, Роберт Лихов, Руслан Жилетежев роуп. Урҭ иҵегьы аибашьцәа рыцын даҽа баталионк аҟынтә. Арҭ афҩыкгьы ҳбаталион иалан. Лада Ешыра ахырӷәӷәарҭаҟны аӷацәа ирыларыжьыз аԥжәага аҟынтә 11-ҩык ҭархан мшаԥы 13, 1993 шықәсазы. Жәаҳәарада, уи ааха ӷәӷәан ҳарбџьарымчқәа рзы", -ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҵлаиа: аибашьра иалҵыз аԥсуа бираҟ Ҟабарда амилаҭтә музеи аҟны иҵәахуп
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп