АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Урыстәыла аҳәынҭқарратә арратә архив иаԥнаҵоит онлаин-база Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан атҟәацәа 500 000-ҩык рҟынӡа рдокументқәа релектронтә хкьыԥхьаақәа шьаҭас иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит "Коммерсант".
Урыстәыла аҳәынҭқарратә арратә архив иахәҭаны иҟоу адокументқәа аиуеит Германиа Афедералтә архив аҟынтәи апроект "Советские и немецкие военнопленные и интернированные" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Ари аганқәа рыҩба еицымҩаԥырго проектуп. Иара убасгьы иара иалахәуп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра, акорпорациа "Элар", Москва иҟоу Германиа аҭоурыхтә институт, аибашьраантәи аԥсыжырҭақәа ирхылаԥшуа анемец Еидгыла" ҳәа иҳәоит Урыстәыла архив адиректор Владимир Тарасов.
Абаза ахархәаҩцәа ироуеит алшара ауаҩԥсы ихьӡ, ижәла, иабхьӡ, даниз ашықәси дахьиз аҭыԥи арбаны иԥсҭазааратә мҩа аилкаара.