Арадио

Гәынба: абџьар зманы инҭыҵуа зегь шәарыцаҩцәаӡам

Ажурналист Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ашәарыцареи аԥсқьарреи рзы иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Гәынба: абџьар зманы инҭыҵуа зегь шәарыцаҩцәаӡам

"Проблема дуны сахәаԥшуеит иахьа аԥсқьарра. Иара ажәа "аԥсы" аҟынтәи иаауеит, аԥсыцәгьара ауп ҵакыс иамоу. Иахьа, азҵаарақәа жәпакы рзы аиҳабы изыӡырҩра маҷхеит, убас ашәарыцара аҟынгьы. Агәыԥ бзиақәа ыҟоуп, еизыӡырҩуа, ашәарах рԥыхьашәаргьы ахыԥхьаӡара маҷны изшьуа, зхы пату ақәҵаны ишәарыцуа, аха ашәарыцара аԥҟарақәа ирықәымныҟәо еиҳаушәа збоит. Ашәарыцара шәҟәыла-быӷьшәыла иуызҵуам ҳәа сгәы иаанагоит, уи шьҭрала иҟазароуп. Ушыхәаҷыз иубаз- иуаҳаз, зышьра ҟало ашәарах иахьӡу, изеиԥшроу, ашьха уахьнеиуа –уахьааиуа, уҽазԥыуамшәаша удыруазароуп, уи узлыиааз ауаа иудырҵароуп. Абџьар зманы инҭыҵуа зегь шәарыцаҩцәаӡам. Убри азҵаара хәыҷык аилыргара аҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ибзиоуп ауаа аԥсабара рҽахьамардуа, аныҟәара ахьырҭаху, аха ус иҟоу рхыԥхьаӡара аназҳа, абна ахылаԥшра иаҳа имаҷхеит", - иҳәеит Гәынба.

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны  аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: