Арадио

Кәыҵниа аԥсқьарра иазкны: угәы иамыхәо Аԥсны ихҭакны ирымоуп

Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкцәеи рхеилак ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхыԥхьаӡара амаҷхара зыхҟьази, уи аанкыларазы иҟоу алшарақәеи ртәы.
Sputnik
Кәыҵниа аԥсқьарра иазкны: угәы иамыхәо Аԥсны ихҭакны ирымоуп

"Аԥҟарақәа еилазго рацәаҩуп, еиҳаркгьы ашәарыцара аамҭа еиларгоит. Ашәарах анеимгәоу ианырзышәарыцуа ыҟоуп, агәыԥ еицу акы-ҩба рҟны ианаанымгыло, ҳгәы иаамыхәо анҳаҳауа ыҟоуп. Аинформациатә хыҵхырҭақәа ҳхы иархәаны алаҳәарақәа ҟаҳҵоит ашәарыцара аԥҟарақәа рзы, аха изаҳауа маҷуп. Ари аус иахылаԥшуа аекологиа аинспекторцәа руалафахәы маҷуп, машьынала еиқәшәам. Сгәаанагарала дара абџьаргьы рыҭатәуп. Ашәарах аҟынтәи абнацә ашәарҭара ду иҭагылоуп. Ацаблыкьқәа ракәзар ирԥырны уреихсроуп, алашара рықәырԥханы уахынла рышьра ԥхашьара дуны иахәаԥшуеит атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны. Угәы иамыхәо ашәарыцара хҭакны ирымоуп ҳара ҳҟны", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны  аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: