Google ацҵақәа аԥсахрақәа рылагалахоит

Аилахәыра Google иӡырнагеит иара иаҵанакуа ацҵақәа рхархәаҩцәа ршәарҭадара арӷәӷәаразы аԥсахрақәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аилахәыра Google иӡырнагеит Google Maps; YouTube рыцҵақәа русураҿ иҟалараны иҟоу аԥсахрақәа. Абри атәы аҳәоит аилахәыра апресс-релиз.

Ахархәаҩцәа ироуеит алшара Google ахсаалақәа ирмаӡаны рыхәаԥшра.

"Incognito арежим ахсаалақәа рҟны ианақәыӷәӷәалак ашьҭахь ахсаалақәа рҟны ишәыԥшаауа аҭыԥқәа ма ауаа Google-аккаунт аҿы иаанхаӡом", — ҳәа азгәаҭоуп релиз аҟны.

Абасала ацҵа аусура ахархәаҩ ишиманшәало ишьақәнаргылоит. Incognito арежим ҟалоит Android асистема иатәу ателефонқәа рҿы.

Аԥсахрақәа аиуеит YouTube ацҵақәа рыҿгьы. Уажәшьҭарнахыс ахархәаҩцәа рҭоурых ацҵаҟынтә ахала аныҵра арежим ықәдыргылар алшоит. Иара убасгьы ацҵа адыррақәа реиқәырхара аамҭа аурбаргьы ауеит.