Казбек Коков Ҟабарда-Балкариа ахадас далхуп

Урыстәыла ахада Владимир Путин 2018 шықәса цәыббрамзазы Казбек Коков Ҟабарда-Балкариа ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Ҟабарда-Балкариа Апарламент адепутатцәа аԥшьаша, жьҭаара 3 рзы атәыла ахадас далырхит Казбек Коков, уаанӡа иара ахада инапынҵақәа назыгӡоз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҟабарда-Балкариа Апарламент адепутатцәа маӡалатәи рыбжьыҭирала атәыла ахадас далхуп Коков Казбек Валери-иԥа", - лҳәеит Апарламент аиҳабы Татьиана Егорова.

Ҟабарда-Балкариа азакәанԥҵара инақәыршәаны адепутатцәа, Урыстәыла ахада ирыдигалаз акандидатурақәа хԥа рҟынтәи далырхуеит атәыла ахада.

2019 цәыббрамзазы Путин атәыла ахадас ҳәа ркандидатурақәа ықәиргылеит Казбек Коков (атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо), Игор Кладько (ПАО "Русгидро" арегионтә филиал адиректор), Илиас Шаваев (арегион аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи аминистр).

Казбек Коков изы еицҿакрыла рыбжьы рҭиит адепутатцәа зегьы.