Арадио

Sputnik акорреспондент Аԥсны ашьапылымпыл аҭагылазаашьазы: макьана ӡбашьак амам

Аԥсны ашьапылымпыл аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инарҭбааны иҭызҵаауа акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны уи азҵаара дазааҭгылеит.
Sputnik
Sputnik акорреспондент Аԥсны ашьапылымпыл аҭагылазаашьазы: макьана ӡбашьак амам

27-тәи Аԥсны ачемпионати цәыббрамзазы излагараны иҟаз ашьапылампыл азы атәыла Ахраҿа 2019-2020 шш. рызтәи ахәмаррақәеи егьи ашықәс ахь ииагоуп.

"Макьанаа азҵаара ӡбашьак ыҟам, ианааиуа атәы аҳәара цәгьоуп. 25 шықәса инацны иҵхьеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, есышықәса ицәырҵуеит ашьапылымпыл аҟны афинансқәа ирыдҳәалоу азҵаара. Уамашәа иубаша аибашьра ашьҭахь адырҩашықәсан Аԥсны ахраҿа агаразы ачемпионат аҟны 15 команда рхы аладырхәит, иахьазы иаанханы иҟоу ԥшь-командак роуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.