Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит лнаплакы "Асыӡбал" арҭбаара шылҭаху

Аҭара акыҭан зхатә наплакы "Асыӡбал" еиҿкааны измоу Камила Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аԥхьаҟатәи лыгәҭакқәа ртәы.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит лнаплакы "Асыӡбал" арҭбаара шылҭаху

"Аџьабаа маҷымкәа иаҭахуп. Ирацәаҩуп ари аус иалагахьоу, аха згәы ахшәаны иаҟәыҵхьоу (асыӡбал аҭыжьра- аред.). Аха сара сацәхьамҵкәа саҿуп, саналага, аҵыхәтәанынӡа инасыгӡар сҭахуп. Аԥсны мацара акәымкәа, асыӡбал анҭыҵгьы изго иҟалар сҭахуп. Макьана исылшо ала саҿуп, ацхыраара сымазҭгьы, иаҳа маругала сеиқәшәаны сҟалар, сус сырҭбаар сҭахуп. Абҳәаса аҵлақәа иҵегьы реиҭаҳара сгәы иҭоуп, уажәы исымоу ишахәҭоу иҿалалар, Аԥсны акәымкәа, анҭыҵгьы изгалоит (асыӡбал - аред.) еиԥмырҟьаӡакәа. Убас иҟоуп сыгәҭакқәа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.