Арадио

Жьиԥҳа аҭаацәара аԥҵара азҵаара аӡбаразы: ҳгәылацәа рҿырԥшы ҳхы иаҳархәароуп

Ихьшәаны аҭаацәара алалара зыхҟьо, аҭыԥҳацәа ақалақьқәа рахь акәымзар хаҵацара зырҭахым, абарҭ азҵаарақәа рыӡбашьас илбо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ажурналист Саида Жьиԥҳа.
Sputnik
Жьиԥҳа аҭаацәара аԥҵара азҵаара аӡбаразы: ҳгәылацәа рҿырԥшы ҳхы иаҳархәароуп

"Ҳапсихологиа ауп зегьы зхароу. Аибашьра ашьҭахь ажәлар иаҳа аизҳара, аиҵыҵра иазхәыцуан. Усҟантәи ашықәсқәа рзы зегьы еиҟаран уҳәар алшоит. Аамҭа ԥхьаҟа ианца, аӡәы лшарак иоуит, егьи еиҵаны ирҳауа далагеит. Ҳаамҭазы аҭаацәарақәа рҟны "ҳара ақыҭаҿы ҳамчымханы ҳааӡеит, иахәҭоу аҵара ҳмоуит, ҳара ҳаиԥш аџьабаа шәымбарц иахьеиӷьу шәцароуп" ҳәа рхы иҭаргалоит. Аҭаацәара иалалартә еиԥш рықәра анааилак иалыԥшаауеит, ҳан аџьабаа лбахьан ус еиԥш иаҳҭахым ҳәа", - азгәалҭеит  Жьиԥҳа.

Лара лгәаанагарала, аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны аҿарацәа 15-16 шықәса анархыҵуа инаркны иазыҟарҵалароуп, рхы иҭаргалароуп досу ихатә хәышҭаара шаԥиҵаша, ԥхьаҟа аԥсҭазаара еиԥымҟьар шакәу. Уи азы жәларыкны ҳмиаӡаарц иҳаланхо атәым милаҭ рҿырԥшы ҳхы иаҳархәароуп ҳәа лыԥхьаӡоит ажурналист.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир ала адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.