Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит аррамаҵзурахьы инарԥхьо аҿар амедицинатә гәаҭара ишахысуа

Аҿар аррамаҵзурахьы ианнарыԥхьо амедицинатә комиссиа ихьахысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны ареспублика ар ркомиссар, аполковник Беслан Ҭарба.
Sputnik
Ҭарба еиҭеиҳәеит аррамаҵзурахьы инарԥхьо аҿар амедицинатә гәаҭара ишахысуа

Уажәшьҭарнахыс аарамаҵзурахьы инарыԥхьо аҿар, арра ахысразы ашәҟәы иҭаргалаанӡа амедицинатә комиссиа иахрыжьлоит Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит агәабзиарахьачаразы аминистрра аилатәараҟны. Ус зазыӡбаз, аҿар аррамаҵзурахьы ианнарыԥхьоз уи аԥхьа амедицинатә комиссиа ишахысуаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны ареспублика ар ркомиссар, аполковник Беслан Ҭарба.

"Ҳҿар аибашьра анаҩсгьы ичмазаҩыз рацәаҩын, иахьагьы ирацәоуп. Абҩарҵәыра уиаҟара рхы азырмышьҭуазар акәхап аҿар. Абӷа акьаҳәра, абӷашшараҟны ач анаанахәо уҳәа реиԥш иҟоу ачымазарақәа роуамызт ашьыжьымҭан иангылалак абҩарҵәыра ҟарҵозҭгьы. Анкьа араионқәа рҟны акомиссиақәа ирхысуан. Арԥыс игәы бзиоуп ҳәа ареспубликтә комиссиахь даарышьҭуан. Уажәы ҿыц адҵа ҭыжьуп, уи ала иҳарҽеир ҳҭахын уи аԥхьа  иагыз. Иаҳа ауаҩы игәабзиара аҭҵаара аҭахуп. Иаагозар Урыстәыла, иахьатәи ртехника, аррахь инарыԥхьо ргәабзиара шҭырҵаауа атәы уҳәозар ԥхьаҟа акыр ицеит. Араионқәа рҟны акәзар аспециалистцәа зегьы азхо иҟам. Аррахь ицараны иҟоу 14 шықәса зхыҵуа аҿар раԥхьа ашәҟәы ианҭаргало, ргәабзиара иаҳа инарҵауланы иҭҵаатәуп. Аҭыԥ аман ахҭыс аррахь иаҳгаз аҷкәын игәы ихьуан, иԥсҭазаара далҵит. Уи араион аҟны акомиссиақәа дырхысит, ичымазара иҵәахит. Арра ацара зҭахым рыбжьара иҟоуп уи аҷкәын еиԥш арра маҵзура зхызгар зҭахугьы. Аҟәатәи ареспубликтә хәышәтәырҭаҟны ауаҩы игәабзиара аҭҵааразы иаҳа аҭагылазаашьа еиӷьуп", - иҳәеит Ҭарба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: