Арадио

Ахба еиҭеиҳәеит асасааирҭақәа русура иаҳа алҵшәа аиурц иҟарҵо атәы

Аԥсны асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа реидгыла ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атуристтә усхк аҟны аҭагылазаашьа иаҳа аиӷьтәразы иазгәарҭо аусқәа ртәы.
Sputnik
Ахба еиҭеиҳәеит асасааирҭақәа русура иаҳа алҵшәа аиурц иҟарҵо атәы

"Иахьазы атуристтә усхк знапы алаку зегьы ирабжьаҳгар ҳалшоит агхақәа ахьыҟоа рырҽеиразы аус ахьадулатәу. Аиашазы, урҭ ҳмырҽеир агхақәа иаҳа ирыцлоит. Аԥсны аус зуа асасааирҭақәа рыҩныҵҟа ирымазароуп рхатә ԥҟарақәа, уи инамаданы иаԥаҳҵеит зегьы еицырзеиԥшу аиуристтә хеидкыла: уи иаанаго, - иаҳҳәап, асасдкылара аганахьала аԥҟарақәа, азакәанқәа еиҳа ииашаны рхы иадырхәартә, азҵаарақәа рызцәырҵуазар рҭак ахьроуша ауп. Убасгьы хара имгакәа ҳгәы иҭоуп анапхгараҭаратә хеидкыла аиҿкаара. Ус еиԥш иҟоуп атуристтә ҳәынҭқаррақәа рҟны, уаҟа аҟазацәа аус руеит. Асасааирҭақәа змоу уаҟа инеины еилаӡоит, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит изықәныҟәаша ашәага-загақәа рзаԥырҵарц, рхатә даҟьақәа аинтернет аҟны ирзыҟарҵарц, аӡыргара аганахьала ирыцхраарц", - иҳәеит Ахба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: