Арадио

Амқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҩбатәи ашкол ахархәарахь ианрырҭо атәы

Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахои, аханатә иарбаз аҽҳәарақәа рхыԥара зыхҟьази.
Sputnik
Амқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҩбатәи ашкол ахархәарахь ианрырҭо атәы

Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ахыбра амца акит лаҵара 2 рзы. Уи иахҟьаны ашкол ааха ӷәӷәа аиуит, аҳәыҷқәа аҵарашықәс егьырҭ ашколқәа рҟны иацырҵеит. Ашкол еиҭашьақәыргыланы ахархәарахь рыҭара аиҳабыра аԥхьа иазгәарҭон цәыббра аказы.

"Ахәыҷқәа рышкол ахь ианаамҭаз инеир зегьы иаҳҭахын, аха аҭагылааашьа убас иҟалеит аӡы рацәа ақәырҭәеит ашкол ахыбра абылраан. Уи анаҩс ақәоураан ашкол ҩаԥхьа ааха аиуит, ақьырмыт ҭыӡқәа лассы иурбартә изыҟамлеит. Арҭқәа ирыхҟьаны ҳусураҟны аиҵахарақәа ҟалеит. Иахьа акомиссиа  игәанаҭеит ашкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шыҟаҵоу, гха хәыҷқәак ҳбеит, уи мчыбжьык-ҩымчыбжьа рыҩныҵаҟа иҟаҵаны иалгоит. Абри аамҭа иалагӡаны ашкол иахәҭоу амаҭәахә зегьы ҩнаҳаргыларц ауп. Иааиуа амза 3 рзы ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рнаҩс ашколхәыҷқәа аҵара ахьырҵоз ҩ-корпуск рахь инаҳашьҭыртә иҟалоит. Иаанханы иҟоу даҽа корпуск, уи ажәытә қьырмытла иргылаз ауп, уа уажәы ауп иҭбааны еиқәҵоу  аҭыӡқәа анбо, иара уажәгьы ацәаакыра амоуп. Уа х- класстә уадак, ашкол аиҳабы, арҵаҩцәа руада ыҟоуп. Аргылаҩцәа иаанхаз аусурақәа хдыркәшоит ашықәс нҵәаанӡа , убри аан ахәыҷқәа рҵараҟны  ирԥырхагахом", - азгәеиҭеит Амқәаб.

Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: