Арадио

Џьугьелиа аҳәса рацәа раагара азҵааразы: амсылманраҟны ихымԥадатәиу акакәым

Аԥсны амуфти ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьугьелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амсылманра аҟны аҳәса рацәа раагра аҵакы, уи изықәныҟәатәу ԥҟараны иҟоу иҟаму.
Sputnik
Џьугьелиа аҳәса рацәа раагара азҵааразы: амсылманраҟны ихымԥадатәиу акакәым

Москва амуфти Ильдар Алиаутдинов ааигәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәса рацәа раагара Урыстәыла азакәантә шьаҭа аиур, асоциалтә уадаҩрақәа жәпакы аӡбон урҭ рхыԥхьаӡара иаҳа иахьырацәоу аҟынтә ҳәа.

"Амсылманра аганахьала ԥыжәарас иамоу (аҳәса рацәа раагара –аред.), Ҳазшаз ус еиԥш зыиуз салацәажәоит. Ҳазшаз Аҟәырҟан аҟны иҳәоит аҳәса шәгәаԥхозар, аӡәы- ҩыџьа , ԥшьҩык рҟынӡа аажәгар ҟалоит ҳәа, аха еиҟараны, ииашаны рызныҟәашьа шәақәшәар ауп ҳәа, ус еиԥш улымшозар, акы уацәшәозар, аӡәы лҟны уаангыл иҳәоит Ҳазшаз. Ас аԥҟарақәа анҳаиҭа, иҟоуп хымԥада иныҟәугаша, иҟоуп аамҭа инақәыршәаны ауаҩы данацныҟәо, ма ианҽааныникыло. Аҳәса рацәа раагара аԥҟара уахь иаҵанакуеит, аҭагылазаашьа дақәшәо дақәымшәо ҳәа. Иара убас амсылман дин инақәыршәаны аҩбатәи аԥҳәыс дааугозар, аԥхьатәи дақәшаҳаҭзар ауп, ус анакәымха, уҽааныукылар ауп. Егьыс аҳәса рацәа раагара зыхҟьо ҳәа амсылманра аҟны иҭысҵаахьеит: аибашьра ианахҟьо ыҟоуп, иара убас аԥхәыс ахаҵа иаасҭа аҭаацәара алалара анылцәыуадаҩу ыҟоуп. Астатистикала иаҳбоит Урыстәыла аҳәса ахацәа раасҭа 10-миллионҩык рыла ишеиҳау. Ажәакала, ҩыџьа аҳәса еиқәшаҳаҭны хаҵак аҭакԥхықәра идырҵозар ҩ-ҭаацәарак рныҟәгаразы, гәнаҳа роуӡом Ҳазшаз иҿаԥхьа", - ҳәа азгәеиҭеит Џьугьелиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.