Арадио

Касланӡиа Таиф Аџьба изы: аԥсуа иаҳаҭар лазырҟәуа ацәажәарақәа ичҳауамызт

Апоет, адраматург, Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Валери Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дигәалаиршәеит иҩыза апоет Таиф Аџьба.
Sputnik
Касланӡиа Таиф Аџьба изы: аԥсуа иаҳаҭар лазырҟәуа ацәажәарақәа ичҳауамызт

"Ҩыџьа аишьцәа апоетцәа ыҟан Каландиақәа, руаӡәк Рене захьӡыз дҭаҟьаҭасын цәгьала. Абри асасааирҭа "Абхазия" аԥхьа Таифи иареи еиԥылеит, аԥсуаа рзы ишакәым дцәажәо далагеит. Таиф дыздыруаз зегь шаҟа дуаҩ ҭынчыз атәы рдыруеит, аха аԥсуа длазырҟәуа иаҳар иҭахымызт, изымчҳаит, дисит. Ақырҭуа дахькаҳаз уаҳа дымгылеит, дыԥсыз џьысшьит ҳәа иҳәеит. Уаҳа дышьҭымхӡакәа аҩныҟа дцеит, уа ааигәа дынхон Таиф. Ари ахҭыс атәы ихаҭа исзеиҭеиҳәеит . Анаҩс адырҩыҽны ашьыжьымҭан Таиф ихьӡ ҳәаны изҿиҭит ииԥҟаз Каландиа, ари ауаа иманы даазар ҟалап ҳәа, ача злаԥыиҟоз ҳәызбак иџьыба иҭаҵаны длыбааит Таиф, егьи ааигәа ирҭиуаз ачашә ҳфап ҳәа еиҳәеит. Уаҳа Таиф аӡәыи иареи еимакы рыманы исыздыруам. Иара убриаҟара дтатан, ила угәы нхартә еиԥш иҟаиҵомызт. Таиф иҩымҭақәа рҟны иубоит шаҟа дуаҩ бзиаз, дҵаулаз, ихәыцра шҳаракыз, уи амҽхак шыҭбааз",- иҳәеит Касланӡиа.

Еицырдыруа аԥсуа поет, Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Аџьба жьҭаара 9, 1992 шықәсазы ақырҭуа гвардееццәа иҩны ддәылганы дыргеит. Иахьа уажәраанӡа иара хабарда дыбжьаӡны дыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: