Нобель иаԥхьахә занашьо алыркааит

Есышықәса Нобель иаԥхьахә ишьақәнартәоит жәба-жәба миллион швециатәи крон (900 000 доллар).
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 9– Sputnik. Нобель иаԥхьахә ранашьоуп аҵарауаа Џьон Гуденаф, Стенли Уиттингхем, Акире Иошино лити-ионнтә батареиақәа рҭыжьразы.

Афизиказы Нобель иаԥхьахә роуит ҩыџьа аҵарауаа

Аԥхьахә занашьоу аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10 рзы, Нобель иаԥхьахә ашьаҭаркҩы – швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833–1896) иԥсҭазаара даналҵыз амш аҽны. Аҭынчраз аԥхьахәгьы иара ашьаҭаркҩы иҳәахьала ԥхынҷкәын 10 рзы ирыҭахоит.

Аҵарауаа Дидье Келои Мишель Маиори 2019 шықәса рзы Нобель иаԥхьахә ранашьоуп. Аԥхьахә роуит раԥхьатәи аекзопланета аартразы.

Афизиологиеи амедицинеи рзы Нобель иаԥхьахә ранаршьеит ҳәа аҵарауаа Уилиам Келини, Петер Ратклиффи, Грегг Семенци.

2019 шықәса рзы аԥхьахә 9 миллион швециатә крон (950 000 доллар) артәоит.