Зегьы рзы схадоуп: Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира

Sputnik

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәын ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла –Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала. Ацеремониахь иааԥхьоуп Ашьха-Ҟарабахи Никарагуеи рделегациақәа.

1 / 15
Аԥсны раԥхьаӡа акәны атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥган 25 шықәса раԥхьа. Аԥсны раԥхьатәи ахада ҳәа ихьӡ ҳәан Владислав Арӡынба.


2 / 15
Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵараан азинеиҿкаара иахылаԥшуеит Аԥсны амилициа аусзуҩцәа
3 / 15
Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәын ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.
4 / 15
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Виссарион (Аԥлиа), уаанӡатәи Жәлар реизара адепутат Кан Кәарҷиа.
5 / 15
Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатс иҟаз Олег Аршбеи ААУ аректор Алеко Гәарамиеи
6 / 15
Рауль Ҳаџьымба официалла Аԥсны ахадас дҟалеит.
7 / 15
Аԥсны ахада Аконституциа инапы ақәҵаны ҭоуба шьҭеиҵеит. Инапаҿы иркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амҳәыр, абираҟ, алабашьеи аҳәеи.
8 / 15
Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду 800-ҩык ауаа акуеит.
9 / 15
Шашка символизирует роль лидера страны, как главнокомандующего вооруженными силами.
10 / 15
Иҳәаз адныҳәаларақәа рацәан ҿыц иалху аҳәынҭқарра ахада ихьӡала.
11 / 15
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассациациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.
12 / 15
2019 шықәса рзы атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа иҿыцу акгьы алагаламызт.
13 / 15
Атәыла ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит алхрақәа раан игәра згаз атәылауаа.
14 / 15
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов.
15 / 15
Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәараҟны еизаз рҿаԥхьа ажәахә ҟаиҵеит.