Асовет космонавт Алексеи Леонов иԥсҭазаара далҵит

Асовет космонавт Алексеи Леонов 86-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. 1975 шықәса рзы Леонов апрограмма "Союз — Аполлон" далахәын.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 10 — Sputnik. Иаарту акосмос ахь инеиз раԥхьатәи асовет космонавт Алексеи Леонов 86-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Алексеи Леонов иԥсыжра мҩаԥгахоит жьҭаара 15 рзы Мытишьи иҟоу Афедералтә арратә мемориалтә ԥсыжырҭаҿы.

Алексеи Леонов диит лаҵара 30 1934 шықәса рзы ақыҭа Листвианка (Кемеровтәи аобласт). 10-тәи арра-космонавтикатә школ далгеит Кременчуг, нас Чугуевтәи арра-ҳаиртә ҵараиурҭа. 1960 шықәса рзы асовет космонавтцәа актәи ргәыԥ даларыԥхьаӡеит.

1965 шықәса рзы Леонов адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны иаарту акосмос ахь дҭыҵит. 12 минуҭ аҳауа далан.

1960-тәи ашықәсқәа раан Леонов Амзаҿ атәара дазыҟарҵон, аха америкаа ари апрограммаҿы аԥыжәара ргеит.

1971 шықәса рзы Леонов астанциа "Салют" аекипаж далахәхар акәын аха иҩыза Валери Кубасов ичымазара иахырҟьаны астанциахь инашьҭын адублиорцәа— Георги Добровольскии, Владислав Волкови, Виктор Пацаеви. Ари агәыԥ Адгьыл аҿы ртәараан иҭахеит аппарата "Союз-11" аҳауа ахьҭалаз иахҟьаны.

1975 шықәса рзы Леонов апрограмма "Союз — Аполлон" далахәын.