Арадио

Гәынба: ҵәыцак аҩы аиқәаҵәа цқьа ушьа-уда аус анаруеит, угәалаҟара еиӷьнатәуеит

Аҷандаратәи анхаҩы Станислав Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ижь сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу, уи аныиҭаауа, ихәаанӡа шаҟа мшы ишьҭаҵаны имоу.
Sputnik
Гәынба: ҵәыцак аҩы аиқәаҵәа цқьа ушьа-уда аус анаруеит, угәалаҟара еиӷьнатәуеит

"Есышықәса ажь аҽаҩра еиԥшхом, сынтәа - ицәгьаӡам. Иҳамоу ажь аҵлақәа ирықәуп, еиҳарак ал, иҟоуп амжәа, ахәырма, акакан ианақәугьы, ажь агьама бзиахоит аҵла ианақәу ҳәа иԥхьаӡоуп. Ажь аҭаара ҳалагоит ҳазҭоу амза 15 рнаҩс ауп, ус ԥшьымш –хәымш еиҵамкәа ишьҭазароуп, иҳамоу ачан (ауалырхырҟа) аҟны иаҳхәоит. Аҩыцқьа ашәах хаччала иҟалоит, агьама бзиоуп, иџьбароуп. Ауалыр ианҭаҳәҭәо аҩ ҿа арыԥҵә аҳҭаӡом. Аҩыцқьа анаҵаҳхлак, ашьақар мыцхәцәамкәа иаҭаны иҟаҳҵоит. Аԥсуа хаҵа иеишәа аҩы аиқәаҵәа ықәгылазароуп. Анкьа ауаҭка ҟарҵаӡомызт, аҩы акәын иржәоз. Аҩы аиқәҵәа ацқьа бзиоуп, ҩбаҟа ҵәыцак ҽнак ауаҩы ишьа-ида аус анаруеит, игәалаҟазаара еиӷьнатәуеит", - иҳәеит Гәынба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: