Аԥшатлакә "Хагибис" аҽарцәгьеит: 40-ҩык ҭахеит

Асабша ахәылбыҽха аԥшатлакә "Хагибис" иапониатәи адгьылбжьаха Хонсиу аҿы акыр аҽарцәгьеит. Аԥшатлакә амчра секундк ала 41,5 метра инаӡон.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥшатлакә "Хагибис" иахҟьаны Иапониа иҭахахьоу рхыԥхьаӡара 40-ҩык инаӡоит, аҽа 16-ҩык рхабар ыҟам, ааха змоу рхыԥхьаӡара 189 –ҩык артәоит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Киодо.

"Хагибис" иапониатәи адгьылбжьаха Хонсиу аҿы акыр аҽарцәгьеит. Аԥшатлакә амчра секундк ала 41,5 метра инаӡон. Ари амчра азхоит аидарамҩангага машьына ду иахьгылоу иаарҳәны акажьразы.