Арадио

Барганџьиаԥҳа Гагратәи аҩбатәи ашкол азы: ижәытәӡатәиу ҳҵараиурҭақәа иреиуоуп

Гагратәи аҩбатәи абжьаратә школ аҭоурых ԥасеи ҳаамҭази аҵара шеиҿкаауи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашкол аҟны арҵаҩы аиҿкааҩс иҟоу Ирма Барганџьиаԥҳа.
Sputnik
Барганџьиаԥҳа Гагратәи аҩбатәи ашкол азы: ижәытәӡатәиу ҳҵараиурҭақәа иреиуоуп

Гагра апринц Ольденбургтәи иаԥшьгарала иргылаз аҩбатәи абжьаратә школ сынтәа 115 шықәса ахыҵит.

"Ашкол ашьаҭа аркын 1903 шықәсазы, шықәсык иалагӡаны, Шьапшьалаа ҳәа Гагра инхоз рыдгьыл аҟны идыргылеит. Раԥхьа ауахәаматә школ ҳәа иҟан, 1911 шықәса инаркны 1921-нӡа ф-класск змаз ареалтә ҵараиурҭа ҳәа иҟалеит, уи ашьҭахь 1973 шықәсанӡа 9-класск змаз абжьаратә школны иҟалеит. Уи ашықәсан ахьӡ рыԥсахит Гагратәи абжьаратә аурыс школ ҳәа. Аамҭак азы уи ахыбраҟны ақырҭцәа актәи абжьаратә школ ҳәа ирыман", - лҳәеит Барганџьиаԥҳа.

Гагратәи абжьаратә аурыс школ 2003 шықәса раахыс ихьӡ ахуп Асовет Еидгыла ҩынтә афырхаҵа Витали Попков. 2010 шықәсазы Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Александр Ткачиов ицхыраарала ашкол ҿыц еиҭашьақәыргылан ԥасатәи аԥшра аҭаны лҳәеит Барганџьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.