Дмитри Ӷәазаа Франциатәи ачемпионат далахәылан

Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазаа Франциа имҩаԥысуаз акласс GT4 иатәу ачемпионат далахәын автомобил "Alpin" ала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аспортсмен, Дмитри Ӷәазаа 15-тәи аҭыԥ никылеит Франциа имҩаԥысуаз акласс GT4 иатәу ачемпионат аҟны. Иара уажәы иӡбеит анемец машьына "Мерседес" ахь диасырц. Абри атәы иара Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит.

Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы

"Иацы аицлабрақәа уахынланы имҩаԥысуан. Аҭагылазаашьа уадаҩын. Сара исындаҭлоз имашьына сасит. Аԥхьатәи хәҩык срылашәар ҟалон, аха ажәбатәи сакәны снеиит афиниш ахь. Иахьатәи ҳаицлабраангьы смашьына иасит. Ажәохәтәи аҭыԥ ныскылеит", - еиҭеиҳәоит аспортсмен.

Франциа иҭыжу автомашьына "Alpin" ҿыцуп, арҽеирақәа аҭахуп, уи иахҟьеит акласс GT4 иатәыз ачемпионат аан атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны сылҵшәаәқа ҟалар шалшоз аасҭа изеиҵахаз иҳәеит иара.

"Ари амашьынаҿ еснагь атехникатә проблемақәа сыман. Уажәшьҭантәи ачемпионат аан анемец марка "Мерседес" иатәу амашьынахь сиасуеит", - иҳәеит аспортсмен.