Коӷониа еиҭеиҳәеит Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга ҿыц аҷыдарақәа ртәы
© Sputnik
"Сынтәа апоет Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵразы аиҳабыра иазԥхьагәарҭеит иаԥҵамҭақәа реизга аҭыжьра. Иахьазы иҭыжьу актәи ашәҟәы иагәыланагӡоит Таиф Аџьба иԥсы ҭанаҵы икалам ԥынҵа иҵихыз ипоезиатә рҿиамҭақәа: ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы иаԥиҵаз алакә поемақәа, аԥсшәахь еиҭеигаз адунеи аклассикцәа рҩымҭақәа. Ари аҭыжьымҭа ҷыдарс иамоуп, Таиф Аџьба ипоезиатә рҿиамҭақәа акьыԥхь збахьаз инапылаҩыреи еиҿыбааны, иаҳа ииашоу игәы зызҭаз авариантқәа рыла ицәыргоуп, ажәакала, зыгәра гатәу ҭыжьымҭоуп", - иҳәеит Коӷониа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Касланӡиа Таиф Аџьба изы: аԥсуа иаҳаҭар лазырҟәа ацәажәарақәа ичҳауамызт