Шьамтәыла аҭырқәа ар ақалақь Телль- Абиад рымпыҵархалеит

Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" иалагеижьҭеи 490-ҩык атеррористцәа аанкылоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри ақалақь Телль- Абиад рымпыҵархалеит ҳәа аанацҳауеит Anadolu.

Шьамтәыла аҭырқәа ари шьамтәылатәи аоппозициаа рыри Шьамтәыла аҩадахьы астратегиатә ҟазшьа змоу амҩаду М4 Алеппо-Хасеке ааныркылеит.

Иара убасгьы рнапаҿы иҟоуп ақалақь Рас ель-Аин. Акурд маҵзура Firat адыррала "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" (SDF) Рас ель-Аине аҿы ржәылараан иҭахеит 75-ҩык аҭырқә солдаҭцәа.

Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган жьҭаара 9 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аоперациа "Источник мира" ишалаго азы. Аоперациа азырхоуп Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдистан аусутә партиеи атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" рықәгара.

Шьамтәылатәи амчрақәа изныкымкәа Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аоккупациатә политика иақәыӡбахьеит.

Урыстәыла акәзар, Ҭырқәтәыла аимак иаԥырхагахаша аусқәа аҽрыцәхьанакыроуп ҳәа иашьоит.