Арадио

Жорданиа атеатр ахәыҷтәы студиа ақәгылара азы: ҳадмырԥхашьеит

Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр ахәыҷтәы студиа шаартыз, раԥхьатәи ақәгылара шыҟалаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит астудиа анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа.
Sputnik
Жорданиа атеатр ахәыҷтәы студиа ақәгылара азы: ҳадмырԥхашьеит

Жьҭаара 12 рзы Искандер ихьӡ зху атеатр ахәыҷтәы студиа асцена ду аҟны раԥхьатәи ақәгылара мҩаԥысит. Ахәаԥшцәа идырбан Корнеи Чуковски еицырдыруа илакә "Муха-Цокотуха" иалхыз ақәыргыламҭа. Аспектакль арежиссиор ақәыргылаҩс дыҟоуп Џьамбул Жорданиа.

"Жәабранмзазы алԥшарақәа ҟаҵаны 17-ҩык ахәыҷқәа ҳадаҳкылеит астудиахь, дара мчыбжьык ахь хынтә ҩба-ҩба сааҭ фҩык арҵаҩцәа аус рыдаҳулон, актиортә ҟазара иадҳәалоу амаҭәарқәа рызнаҳгон. Аамз рыҩныҵаҟа ҩынтә иаарту аурокқәа ҳаман, атеатр аҩныҵаҟа иарку арбарақәа мҩаԥаҳгеит ахәыҷқәа ирҵаз, рыҩаӡара ахьынӡанеихьоу агәаҭаразы. Усҟан иазыӡбан ари аус қәыргыламҭак ала ахыркәшара", - иҳәеит Жорданиа.

Иара иазгәеиҭеит иқәыԥшӡоу актиорцәа рықәгылара ақәҿиара шамаз, рырҵаҩцәа шамырԥхашьаз.

Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр ахәыҷтәы студиа ақәыргыламҭа "Муха-Цокотуха" ахәаԥшцәа ҩаԥхьа идырбахоит жьҭаара 19 рзы.

Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: