Арадио

Гындиа Кәыдры иагаз аԥсшьаҩы иԥшааразы: ашьхарахь илеиз асы ҳусура аруадаҩуеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәет урыстәылатәи аԥсшьаҩы иԥшаара шцо атәы.
Sputnik
Гындиа Кәыдры иагаз аԥсшьаҩы иԥшааразы: ашьхарахь илеиз асы ҳусура аруадаҩуеит

Жьҭаара 10 рзы Кәыдры аӡиас дшыруаз аӡы дагеит Урыстәылатәи атурист Ҭеимур Дзеидов.

"Ԥшьымш ҵуеит аԥшаарақәа цоижьҭеи, аха амшцәгьақәа раан аусурақәа ҳзымҩаԥгом, аӡы аныхәашьлак иубо маҷуп. Аԥшаарақәа цоит вертолиотлагьы, иара аӡиас амшын иахьалало инаркны, дахьыӡыз аҭыԥ аҟынӡа, аха аԥшаарақәа лыҵшәадахеит. Анаҩс, анышь арчала аӡиас еимырдеит, иҳаԥшаахьо аиқәырхаратә жилет ада уаҳа акгьы ҳамбац. Аиқәырхаҩцәа рыдагьы аԥшаарақәа ирылахәуп "Апсны adventure" ахаҭарнакцәагьы. Аҷкәын иԥсыбыҩ ҳамбакәа аԥшаарақәа аанкылахом. Уажәы ашьхарахь асы каҳаит, уи ҳусура еиҳагьы иаруадаҩуеит, аха зегьы акоуп, урыстәылатәи аԥсшьаҩы иԥшааразы аусура иацҵахоит", – ҳәа азгәеиҭеит Гындиа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: