Арадио

Џьынџьалԥҳа: ахәыҷы ачалых рацәа иҿаҵара игәабзиара иазеицәоуп

Аҳақьым Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ача ауаҩы ицәеижь азы хәарҭарас иалоу атәы.
Sputnik

Жьҭаара 16 рзы адунеи зегь аҿы иазгәарҭоит ача амш.

Џьынџьалԥҳа: ахәыҷы ачалых рацәа иҿаҵара игәабзиара иазеицәоуп

"Ача ауаҩы ицәеижь азы ихәарҭоу еиԥш ихәарҭам амаҭәашьарқәагьы алоуп. Ахәыҷы ачалых рацәа ифозар, уи игәабзиаразы ибааԥсуп. Икапан иацлоит, дышнеишнеиуа ашьақар чымазара изцәырнагар алшоит. Ачақәа зегьы реилазаашьа еиуеиԥшым, ача шкәакәа убри аан зегь реиҳа укапан иацызҵо акәны иԥхьаӡоуп. Арчыга змам ача ауаҩы икьатеи азы акыр ихырҳагоуп, убри аан аглиутен ҳәа изышьҭоу змам ача ахархәаразы зегь реиҳа ибзиоуп", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.