Актәи акультура-спорттә фестиваль "Абаза" мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаара 16 - 18 рзы. Уи рхы аладырхәуеит Ҟарачы-Черқьесиеи Аԥсни рырҿиаратә коллективқәеи, иара убас Урыстәылеи Нхыҵ Кавкази рҟынтәи аспортсменцәа.
"Ари афестиваль Аԥсны амҩаԥысра ҳәарада, акультуратә ԥсҭазаара ианыԥшуеит. Раԥхьаӡа акәны иара усмҩаԥгатә аҳасабала иҟалеит 30 шықәса раԥхьа. Аха абри аҩыза зымҽхак ҭбаау афестиваль, ган рацәала ҳкультурақәа реигәныҩра, ҳкультурақәа реизааигәара аазырԥшуа Аԥсныза раԥхьатәи цәырҵроуп. Ари хықәкыс иамоу цәала, гәыла, шьала-дала ҳара иаҳзааигәоу дареи ҳкультурақәа реиҿарԥшра, рыҭҵарра, иззымдыруа рзы агәыбылра акра. Ҳмузеиқәа рцәыргақәҵа, амилаҭтә ҟазара аӡыргара, аҵарауааи акультуратә усзуҩцәеи реиԥылара, ас еиԥш иҟоу афестиваль еиҳарак аҿар рзы ирызнанаго аинформациа даара ирацәоуп", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.