Арадио

Џьапуа "Анатоли Генко иабаза материалқәа" ашәҟәазы: ҭҵаарадырратә баҟоуп

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа "Анатоли Генко иабаза материалқәа" ашәҟәы аӡыргараҿы иҳәеит иара ишагәылоу уаҩытәыҩса ила иамбац аматериалқәа.
Sputnik
Џьапуа "Анатоли Генко иабаза материалқәа" ашәҟәазы: ҭҵаарадырратә баҟоуп

"Ашәҟәы ҵакыла иаҳбац акеиԥш иахәаԥштәым, ари хымԥада, иуникалтәу, зыда ыҟам цәырҵроуп аԥсуа-база ҭҵаараҿы, ари аҭыжьымҭа - ԥсҭынхоуп. Ашәҟәы иагәылоу аматериалқәа уажәраанӡа аӡәык-ҩыџьак аҭҵааҩцәа рыда аӡәгьы ирыздыруамызт, уаҩытәыҩса ила иамбацызт. Аӡра, ахашҭра ихықәгылаз ахыҵхырҭақәа, ҳара ҳахь иархынҳәуеит, еиқәнархоит, убри азы ари ашәҟәы аҭыҵра шьаҭамырӡганы, ҭҵаарадырратә баҟаны сахәаԥшуеит. Ашәҟәы ҟалашьа амамызт Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи, Анатоли Генко иԥҳа Галинеи, ҳажәлар рԥеиԥш азааԥсаҩ Муссу Егзаки, Петр Чикалови ракәымзар", – ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: