Арадио

Асланӡиа Шәачатәи афорум азы: ақалақь арҿиаразы иалаҳгаз рацәоуп

Шәача имҩаԥысуа афорум "Взгляд в цифровое будущее" иалахәу Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Асланӡиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афорум аҟынтә лкаақәас иҟаҵоу ртәы.
Sputnik
Асланӡиа Шәачатәи афорум азы: ақалақь арҿиаразы иалаҳгаз рацәоуп

"Гал араион мацаразы акәым, атәыла зегьазы ухы иаурхәар зылшо, азҿлымҳара зуҭаша рацәаны иубартә иҟоуп. Хкы-хкыла атехника адагьы, аусура аиҿкаашьа, асистема аус шауа аилкаара ауп ҳара иаҳҭахыз. Ақалақьқәа жәпакы ҳара ҳаиԥш уадаҩрас ирымоуп агәамсам азҵаара. Арегионқәа рхаҭарнакцәа излацәажәоз азҵаарақәа рҿы ҳхы иаҳархәаша амҩақәа ҳаԥшаауан. Ирацәаҩын ҳколлегацәа, афорум иалахәыз. Дара Аԥсны азҿлымҳара арҭеит, аимадара ҳабжьаҳҵеит, иаарц зҭаххазгьы иҟоуп. Ҳара Гал араион аҿы иҳамоуп аинвесторцәа, афорум иабзоураны урҭ рхыԥхьаӡара еиҭа иацлап ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Асланӡиа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.