Арадио

Кьычԥҳа: ахаҵа ауаажәларрахь иԥҳәыс ԥсуаҵас иԥшӡаны данцәыриго - уи аҳаҭыр амоуп

Дызцәыргамзеи атәыла ахада иԥшәмаԥҳәыс? Уи ажәлар рахь лцәырҵра аԥсуа традициатә культура иаҿагылоума? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Аԥсны Анацәа рхеидкыла ахада Гәыли Кьычԥҳа.
Sputnik
Кьычԥҳа: ахаҵа ауаажәларрахь иԥҳәыс ԥсуаҵас иԥшӡаны данцәыриго - уи аҳаҭыр амоуп

"Аԥсуа ԥҳәыс жәытә-натә аахыс, иара афольклор аҿгьы уи аарԥшуп, ҳаҭыр лықәын. Даагозар, Саҭанеи Гәашьа. Аԥҳәыс лроль, лара лажәа уҳәа дымҩақәҵаганы ҳҭоурых аҿы дыҟоуп. Кавказ ажәларқәа зегьы урҿыԥшуазар, аԥсуа ԥҳәыс иаҳа ахақәиҭра лыманы дызбоит. Атәыла ахада иԥҳәыс ауаажәларраҿы лцәырҵра атрадициа иаҳа ирҭбаазар сҭахуп. Аибашьра ашьҭахь Владислав Арӡынбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳаи еицны иҭахаз рбаҟа амҵан ихырхәеит. Ари ажәлар даара ибзиан ирыдыркылеит. Аԥсуа ԥҳәыс лҭыԥ лдыруазароуп, амала лара лцәырҵра зыбзоуроу иара иоуп. Ахаҵа ианакәызаалакгьы аԥҳәыс данцәыриго, иԥшӡаны, ԥсуаҵас, аҳаҭыр амоуп", - ҳәа азгәалҭеит Кьычԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.