Арадио

Чачхалиаԥҳа афестиваль "Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…" азы: насыԥуп иахьҳамоу

Аҟәа, ихыркәшаз XVII афестиваль "Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…" шымҩаԥысыз азы лгәаанагара арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицоу аефир аҟны илҳәеит аҳәынҭқарратә хортә капелла ахкы нагӡаҩы Мадина Чачхалиаԥҳа.
Sputnik
Чачхалиаԥҳа афестиваль "Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…" азы: насыԥуп иахьҳамоу

"Ари Аԥсны жәлар ракәым, адунеи иқәынхо жәлары зегьы бзиа еицырбо Жәлар рартистка Хьыбла Герзмаа, насыԥуп ҳара дахьаҳтәу. Ари афестиваль хҭысуп ҳтәылазы, адунеи акультура ауаа рзы, уи иалахәу рзы. Афестиваль аҩналара хәыда-ԥсадан, ари акыр аҵанакуеит ауаа рзы. Сара есышықәса саҭаартә еиԥш аҭагылазаашьа схы иасҭоит, уи иуеиҩужьуа ак акәам. Саҳәшьа аконцерт алагара ҩсааҭк шагыз днеины аҭыԥ аанкыланы илыман, убас ҳазыԥшын иара. Афестиваль зегь рыла еиҿкаан, ашәарҭадара аума, еилаҩынтәрак ыҟамкәа, зегь рыла иҩычан, абжьы анагашьа бзиан. Абалерина қәыԥш Кристина Ҷкотуаԥҳа данақәгылаз схәы-сжьы еилагылеит. Хьыбла Герзмаа лхаҭа дџьашьахуп азы, иҟалҵо зегьы џьашьахуп", - ҳәа азгәалҭеит Чачхалиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.