Ринго Стар Џьон Леннон иашәа зну альбом ҭижьит

"Битлз" алахәыла Ринго Старр иальбом ҿыц хыԥхьаӡарала иҩеижәатәуп. Ианиаамҭаз альбом Grow Old With Me азы Џьон ашәа иҩит аха астудиаҿ аҭаҩра дахьымӡеит. Ашәа машәырны ирбеит Леннон иальбом Double Fantasy аҿы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21– Sputnik. Уаанӡа иҭымҵыцыз Beatles ашәа, Џьон Леннон иаԥҵамҭа Ринго Старр иальбом ҿыц What"s my name ианылеит ҳәа аанацҳауеит РИА НовостиLe Figaro адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ианиаамҭаз альбом Grow Old With Me азы Џьон ашәа иҩит аха астудиаҿ аҭаҩра дахьымӡеит. Ашәа машәырны ирбеит Леннон иальбом Double Fantasy аҿы.

Апродиусер Џьек Дуглас Ринго ашәа дазирӡырҩит.

"Пол даасыԥхьеит абас-гитараҿ дыхәмарырц, Џьек Џьорџь Харрисон изы ажәақәак иҩит. Ҳара еиҭах ҳҽеизаагеит" - иҳәоит Стар.

Оико Оно Твиттере аҿы ашәа "ԥшӡоуп" ҳәа лҳәеит.