Иапониа аимператор ҿыц имаҵура дахагылеит

Аҵыхәтәантәи аимператор итәарҭахь днеиит 30 шықәса раԥхьа. Уи уажәтәи аимператор иаб иакәын.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Иапониа аимператор ҿыц Нарухито 2000-ҩык асасцәа алархәны иҳәынҭқарра-ҭыԥ ахь днеиит. Ацеремониа атәыла ателеканалқәа зегьы иддырбон.

Аимператор ҿыц ижәлари итәылеи рҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқар имаҵзура ахагыларазы ацеремониа алагеит ажәытә ритуал ала: аимператор Амра анцәахәы адырра лиҭеит истатус ҿыц азы.

Нарухито асинтоистцәа рынцәахә Касикодоро итәарҭахь днеиит маҭәашкәакәала деибыҭаны. Иаԥхьа игыланы инаргон аҳәа ҷыда. Ажәытәтәи алегендақәа рыла ари аҳәа Амра анцәахәы Иапониа актәи аимператор инапаҿы илыркыз ауп.

Еицыз реишьҭагыла хдыркәшон амагатама — аимператортә хаҳә ахьаԥшьҳа назгоз. Ажәыәт ҩымҭақәа рыла ахьаԥшьҳа ныҟәылгон Амра анцәахәы Аматерас Омиками.

Аныхабааҿ аимператор Нарухито синтоисттәи апантеонаа ирылеиҳәеит аҳәынҭқарра ҭыԥ дшахагылаз.

"Ажәлар рыхьӡала аимператор, Иапониа асимволк иҳасаб ала ҳидныҳәалоит", - иҳәеит Иапониа аԥыза-министр Синдзо Абе.

Аԥыза-министр иажәақәа рышьҭахь хынтәтә иҿыҭра ҟарҵеит "бандзай" ҳәа.

Ацеремониа иалахәын 2000-ҩык асасцәа. Урҭ рҟынтәи 400-ҩык аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи рхаҭарнакцәеи ракәын.