АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Британиа ду Акралтә ҳаиртә мчрақәа ррадиоелектронтә ԥшыхәра аборт Урыстәыла аҩада-мраҭашәаратәи аҳәааҿы аԥшыхәратә хаԥраарақәа мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит амониторингтә ресурс PlaneRadar.
Boeing RC-135W аборттә номер ZZ666 британиатәи аҳаирбаза Милденхолл аҟынтәи ишьҭыԥрааит. Иара гәаҭан асааҭ 17:25 рзы Калининградтәи аобласт аҵакыраҿы.
Аамҭа-аамҭала аҳәаанырцәтәи арратә ҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәаақәа рҿы ирбоит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра изныкымкәа НАТО атәылақәа ргәырҽанырҵахьеит аԥшыхәратә операциақәа мҩаԥырымгаларц, аха алианс аштаб-квартира уи мап ацәнакуеит.
Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла ПВО аҷаԥшьаратә хәҭақәа лассы-лассы рҳаирпланқәа аҳауахь ихалоит аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара аԥырҟәҟәааразы.