Арадио

Занҭариа: алҵла ажь хааӡа иҟанаҵоит

Избан аҵла иқәу ажь гьамалеи хаҭабзиаралеи акы иаламҩашьо изыҟоу, насгьы уи иалҵуа аҩы гьамаҷыдак замоу, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Хәаԥ ақыҭан инхо аӡахәааӡаҩ Роланд Занҭариа.
Sputnik

 

Занҭариа: алҵла ажь хааӡа иҟанаҵоит

"Алҵла иқәу ажь иага қәа ӷәӷәа леиуазаргьы, абӷьы иараӡоит, иахьчоит. Исгәалашәоит, ажь аҟалара аамҭа анааилак, абаҳча уаныҵалалак, афҩы лаҳалаҳауа иуаҳәауан. Ҳабдуцәа ҳабацәа иныҟәыргоз ажьхкқәа зегьы реиҳа иалыркаауан аҳарданыжь. Иага хкы ыҟазаргьы, иара иацназго ыҟам ҳәа ирыԥхьаӡон. Избанзар, аҩы ҵаӷоуп, ушьа иацныҟәоит, ицқьоуп. Ирааӡон акаҷыҷгьы, акаҷыҷ мацара иалху аҩы узыжәӡом. Аҩы аныҟарҵоз, 30 калаҭ аҳарданыжь ҭааны иухәозар, 5 калаҭк акаҷыҷ арҭон, уи афҩы архаауан. Уажәы анхацәа аӡахәа еихарҳаӡом, аҵла иқәырҵаӡом. Ахәшә змам, амраҿы иҟало ажь иагьыхаауп, аҩ бзиагьы алҵуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.  

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.