Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы. Габниаа ацқьақәа ҳәа зырҳәогьы, иҟоуп ажәла Габуниа, урҭгьы Габниаауп рҳәоит, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны (амҳаџьырра аан, иара убас ақырҭцәа аԥсуа жәлақәа дара ртәала ианырыԥсахыз) рыжәла ԥсаххеит, убри аҟнытә Габниаа ацқьақәа ҳәа иалыркаауеит. Ас еиԥш егьырҭ аԥсуа жәлақәак рҟынгьы иуԥылоит. Аныҳәара ахаҭа мҩаԥызго ахацәа роуп, аҳәса уахь ааигәа инеир ҟалом.
Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра >>