Барганџьиа аџьықәреи сынтәатәи аҽаҩразы: ҳаззыԥшыз арбагақәа ҳауам
© Sputnik
"Аџьықәреи аҽаҩра бзиоуп сынтәа. Ахәаҷа-маҷа ҵыԥх еиԥш ԥырхага анамҭеит. Иара цәырҵуа ианалага араионқәа ақыҭанхамҩа аҟәшақәа анхацәа ахәшәқәа рыла еиқәдыршәеит, уи алагьы иаанкылахеит дара рырҿиара. Уажәазы 12 нызқьи бжаки тонна рҟынӡа ҭаҳгалахьеит, аха макьана анхацәа иаҿуп аҭагалара. Аарҩара иахҟьаны аԥхьа иларҵаз аџьықәреи мааит, нас даҽа аамҭаказ иларҵаз абыржәы аҟалара иаҿуп. Араионқәа рҟынтә иҳарҭаз арбагақәа рыла иларҵаз ала, 25 нызқь тонна аџьықәреи ҳазыԥшын, аха усҟак ҟалом, иацло ҳԥа-ԥшьба нызқь роуп", - ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.