Арадио

Шьалашьа иназыцҵоу ахәԥсазы азакәан аиҭакрақәа алагаразы: аалыҵқәа рыхәқәа ирныруам

Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы "Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы" азакәан апроект ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Sputnik
Шьалашьа иназыцҵоу ахәԥсазы азакәан аиҭакрақәа алагаразы: аалыҵқәа рыхәқәа ирныруам

Азакәан апроект "Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә системазы" Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ирыдыркылеит жьҭаара 31 рзы.

"Аӡәы иааиго атауар азы ишәоит жәа-процентк, егьы зынӡаск акгьы ишәаӡомызт. Анаплакыҩцәа иқәдыргылеит азҵаара избан ус еиԥш изыҟоу ҳәа. Араҟа зыӡбахә ҳәоу иааидкыланы атауарқәа ҭазгало роуп, дара зегьы еиҟараны иршәо аҟазаразы ауп изыҟарҵаз. Ус еиԥш иҟалар аҭагылазаашьа ахәқәа анырра анаҭоит ҳәа ҳазҳәом. Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә ахәԥса ҳара ҳауп изныруа, иаҳҳәап: атауар азы ашәахтә рацәаны иршәар, - ианырҭиуа ахә еиҳаны иақәырҵоит. Уаанӡа изҭиуаз жәа-процентк ишәозҭгьы, уажәазы-3 ма 7 рҟныӡа иагдырхар, ииҭиуа атауар ахә агирхароуп. Ахәԥса ршәаӡомызт ахәшәқәа ҭазгалоз, аха аԥҭекақәа рҿы урҭ рыхәқәа ирыцлон, аха нас аҳәынҭқарра аганахьала ахылаԥшра арҭан маҷк-маҷк иҭынчрахеит", - ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.