"Хҭыԥк алаҳхит, метрак еиҳамкәа ажра ахьымҩаԥааго. Араҟа иубоит археолог еиқәаҵәақәа иаанрыжьыз ажрақәагьы. Уаҟоуп раԥхьа ҳахьалагаз ҳусурагьы. Ажрақәа ахьыҟаҳҵоз еиҳарак иаҳԥыхьашәаз акыцлых ауп, аҳаԥшьа аԥҽыхақәа. Нас аҩбатәи, ахԥатәи, ирыцны, еишьҭаргыланы ишыҟоу убоит. Дара ирфоз иржәуаз ԥхасҭамхартә еиԥш ирҵәахуаз ауп ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Араҟа асоветтә амаҭазы ахәқәа андыриашоз ацитрустә шәырқәа анеиҭарҳауаз аамҭазы имҩаԥгаз аусурақәа ажырҭақәа ааха ду рырҭеит, атрактор ашьҭақәа убоит. Ирҳәоит ара ирацәаны аԥсыбыҩқәагьы шцәырҵхьоу. Ҳаргьы ҳақәшәеит ԥсыжырҭак, уаҟа ирацәан аҳаԥшьа аԥҽыхақәа, уи зызку аҭҵаара ҳаҿуп. Аҳаԥшьақәа рыхқәа ԥҽуп, аха еидкыланы игәауҭар ҟалоит, ашәага-зага зеиԥшроу атәы. Егьырҭ абаақәа рҿы иԥшаау иареи еидкыланы нас игәаҳҭоит, убас еилкаахоит иарбан аамҭоу изҵазкуа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҟаитан еиҭеиҳәеит Аԥсуа ҭыӡрыԥхра Ду аҭҵааразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп