Шьамтәылаа рыҩныҟа ахынҳәра иаҿуп

Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара Урыстәыла, Иран, Ҭырқәтәыла хәдықәҵа ҳасабла рхы аналадырхә ашьҭахь, ахҵәацәа рыҩныҟақәа агьежьра иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Иорданиеи (700-ҩык) Ливани (740-ҩык) рҟынтәи Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа аҳәоит Аиныршәара урыстәылатәи ацентр аинформациатә биуллетен аҟны.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1 443-ҩык ауааԥсыра Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Џьеидет-Иабус", "Телль-Калах" рыла – 737-ҩык (аҳәса – 222-ҩык, ахәыҷқәа – 75-ҩык), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" ала – 706-ҩык (аҳәса – 212-ҩык, ахәыҷқәа– 360-ҩык)", - аҳәоит абиуллетен аҟны.

Шьамтәыла анџьныртә арҟәшақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы аминақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит апровинциа Дераа аҿы 2,2 гектарк адгьыл. Уи адагьы иԥжәо амаҭәашьарқәа 33 аԥыхуп.

Аурыс полициа акурдцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәаа раԥыргара иалагеит

Аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа 45 – зыҟны шьамтәылатәи ахҵәацәа нхо рахьтә ҩажәижәаба (Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Германиа, Ирак, Мысра, Нидерландқәа, Австриа, Даниа, Бырзентәыла, Швеицариа, Кипр, Бельгиа, Италиа, Румыниа, Испаниа, Ирландиа, Мальта, Польша, Босниеи Герцеговинеи, Аргентина, Лиуксембург, Хорватиа, Словениа, Болгариа, Венгриа, Исландиа, Словакиа, Чехиа, Латвиа) рҵакырақәа рҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара мҩаԥысуеит 2011 шықәса раахыс. 2017 шықәса анҵәамҭазы ирылаҳәан атеррористтә гәыԥ ИГИЛ* ишаиааиу азы.

Иахьатәи аамҭазы аполитикатә ҭышәынтәалара, атәыла аиҭашьақәыргылара, ахҵәацәа рырхынҳәра иаҿуп.

Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа аиныршәаратә Центр апровинциа Деир-Ез-Зор аиланхарҭа Мазлум аҿы ауааԥсыра гуманитартә акциак аҳасаб ала ирызшан 2,4 тонна афатә-ажәтә.

*Урыстәыла изакәаным ҳәа ирылаҳәоу атеррористтә еиҿкаара

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: