Арадио

Адлеиба адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ азы: ԥхьаҟа иаҳа иӷәӷәоу ақәԥарақәа сзыԥшуп

Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҿар рыбжьара адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ агаразы Екатеринбург дызлахәыз аиндаҭлара ашьҭахь ихы шыибо, гәҭакқәас имоу ртәы.
Sputnik
Адлеиба адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ азы: ԥхьаҟа иаҳа иӷәӷәоу ақәԥарақәа сзыԥшуп

"Хар сымам, аӷьараҳәа сыҟоуп. Уажәы хәыҷык аамҭа сҭахуп аԥсшьаразы. Аҳақьым иҟны сыҟан ақәԥара ашьҭахь, сгәабзиара ԥырхага амам. Мчыбжьык аҟара сыԥсы шьаны, аҽазыҟаҵарақәа срылагоит, ҩымз раҟара аҩны сыҟазаауеит. Ашықәс ҿыц ашьҭахь Екатеринбургҟа сцоит, еиҭа ақәԥарақәа сымазаауеит", - иҳәеит Адлеиба.

Иара иазгәеиҭеит аҿар рыбжьара адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ ашә ҿыцқәа шизаанартуа, иаԥхьаҟа иаҳа иӷәӷәоу ақәԥарақәа шизыԥшу.

Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба аҿар рыбжьара WBO аверсиала адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ игеит. Иара абҵара 2 рзы Екатеринбург ақалақь аҟны диндаҭлон Венесуелатәи абоксиор Едди Кольменарес.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: