Мраҭашәаратәи атәылақәа руааԥсыра ҳаамҭазтәи ауаажәларратә модель иақәшаҳаҭым

Мраҭашәаратәи атәылақәа руааԥсыра реиҳараҩык ҳаамҭазтәи ауаажәларратә модель иақәшаҳаҭым, алиберализм акризис аамҭа амоуп ҳәагьы иршьоит. Абри атәы шьақәнарӷәӷәоит Sputnik.Агәаанагарақәа имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа руааԥсыра реиҳараҩык ҳаамҭазтәи ауаажәларратә модель иақәшаҳаҭым.

Аҭҵаарақәа инарықәыршәаны 80% италиаа, 73% франциаа, 61% анемццәа, 60% америкаа, 58% англызцәа алиберализм акризис аамҭа иҭагыланы иҟоуп аҽа модельқәак аҭахны иҟоуп ҳәа иршьоит. Убри аан имодель бзиоуп ҳәа ахырҳәаауеит рацәак еиҭакра зҭахым алиберализм 42% британиаа, 40% америкаа, 39% ФРГ ауааԥсыра, 27% афранцызцәа, 20% италиаа.

Мраҭашәаратәи атәылақәа руааԥсыра ҳаамҭазтәи ауаажәларратә модель иақәшаҳаҭым

Британиа ду ареспондентцәа – зҵарадырра еиҳа иҳараку ишьақәдырӷәӷәон алиберализм иахьа ишыҟоу ала акризис амоуп ҳәа. Егьырҭ атәылақәа рҿы асеиԥш ихәыцуа зҵарадырра лаҟәу ракәын.

Аҭҵаарақәа мҩаԥнагон афранцыз еилахәыра Ifop, иалахәын 18 шықәса ирҭысхьоу 5031 респондент.

Франциа

  • 73% афранцузцәа иазырыԥхьаӡоит алиберализм иахьатәи амодель акризис амоуп убри азы аҽа модельқәак хәыцтәуп ҳәа.
  • аиҳарак асеиԥш агәаанагара рымоуп 35 шықәса ирҭысхьоу (75% -66%)
  • ақыҭатә коммунақәа рҿы асеиԥш иазырыԥхьаӡоит аиҳараҩык (76% - 72%; 70%)
  • абжьыҭираан Jean-Luc Mélenchon(82%) Benoît Hamon (78%) рзы зыбжьы зҭииз еиҳа алиберализм акризис иҭашәаны иҟоуп ҳәа агәаангара рымоуп.

ЕАА

  • зҵарадырра лаҟәу ма ибжьаратәу ареспондентцәа алиберализм акризис амоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит (66%; 62% - 56%; 52%).
  • ареспубликанццәа адемократцәа раасҭа алиберализмом ргәы нанагӡом (76% - 49%).
  • адин иацымныҟәо америкаа еиҳа алиберализм модель бзиоуп, аиҭакрагьы аҭахым ҳәа ирыԥхьаӡоит(54%).

Британиа ду

  • британиаа реиҳараҩык (58%) ақәшаҳаҭуп алиберализма амодель акризис амоуп ҳәа
  • зҵарадырра ҳараку британиаа алиберализм инаваргыланы аҽа моделькгьы ыҟазароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит (71% - 56% зҵара лаҟәу рыбжьара, 71% –57% зҵара ҳараку рыбжьара).

Брексит апртиа иадгыло (70%) егьырҭ аполитикатә гәыԥқәа раасҭа ақәшаҳаҭуп алиберализма амодель акризис амоуп ҳәа. Урҭ алиберализм инаваргыланы аҽа моделькгьы ыҟазароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Германиа

  • зҵарадырра лаҟәу ма ибжьаратәу ареспондентцәа алиберализм акризис амоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит (67% - 62%, 60%; 57%), абри иацырҳәоит асоциалисттә партиа Die Linke (73%), арӷьаратә партиа Alternative fur Deutschland ирыдгыло ареспондентцәа (74%).
  • Берлин (70%) Саксониа (73%) руааԥсыра егьырҭ атәылауаа раасҭа алиберализмом ргәы аҳәом.
  •  80% италиаа итальянцев иҟоу амодель иақәшаҳаҭым.

Ари арбага егьырҭ атәылақәа зегьы рҿы аасҭа иҳаракуп.