АҞӘА, абҵара 7— Sputnik. Сицилиатәи ақалақь Каммарат аиҳабыра ауаа радыԥхьаларазы аҩнқәа хәыда-ԥсада иршоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА НовостиLonely Planet адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Каммарат инаркны сааҭки бжаки рыла Палермо унеиуеит. Акыршықәса арантәи аҿар аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаарази аҵараҵарази егьырҭ арегионқәа рахь ицон.
Винченцо Џьамброне, ақалақь ахада, аҳәамҭа ҟаиҵеит ақыҭа ақәӡаара дшацәшәо, убри азы иқәҵны ицаз рыҩнқәа хәыда-ԥсада аҿыцнхацәа ириҭарц иӡбеит.
"Аҩнқәа казыжьуа азхәыцуам иҟарҵо аԥхасҭа. Аҩнқәа уаҩԥсы данырхым еилаҳауеит, абнара рхыҵәоит", - иҳәеит Џьамброне.
Ақыҭахь нхара аиасраан аҭаацәара қәыԥшцәа аԥыжәара рырҭоит. Аԥхьа рацәак идуум аҳамҭа – зқьы евро ранаршьоит. Акызаҵәык абрахь аиасраан депозит ҳасабла хә-нызқь евро алагала ҟаҵатәуп аҩнгьы аремонт азутәуп. Аҩны аремонт ашьҭахь адепозит дырхынҳәуеит.