Ҳаразиа Лев Аҩӡба изкны: ҳџьынџьуаа пату зқәырҵоз, бзиа ирбоз уаҩын
© Sputnik
"Лев Аҩӡба- ижәлантә мацара акәымкәа ҳџьынџьуаа зегьы дрыхӡыӡаауан, рынхашьа-рынҵышьа, ртәарҭа-ргыларҭа дазҿлымҳан. Шықәсык ҩынтә-хынтә даауан, Ҭырқәтәыла иеиашьареи, иҩызцәеи дрылсны акәын Аԥсныҟа дшыхынҳәуаз. Сҭамԥыл адырнеқь аҿы еиҿкааны ирымоуп иара ихьӡ зху акурсқәа: абызшәа, акәашара, еиуеиԥшым анаплыхқәа – амҿлых, асаркьа лых уҳәа еиуеиԥшым аусумҭақәа ахьыҟарҵо. Уажәы шықәсык аус зыдырулоз рнапкымҭақәа ӡырыргоит. Игәалашәара аҳаҭыраз имҩаԥыргоит аконференциа, иазырхиоуп ажәахәқәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳаразиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа