Арадио

Џьениа Гагра арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы: аԥхын ҳнапы ахьымнаӡаз- ҳарҽеиуеит

Абҵара 9 рзы имҩаԥгахоит Гагра ақалақь арыцқьара иазку акциа, уи шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьениа.
Sputnik
Џьениа Гагра арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы: аԥхын ҳнапы ахьымнаӡаз- ҳарҽеиуеит

"Гагра акурорт аганахьала, зегьы реиҳа иманшәалоу акурортқәа иреиоуп. Иҟоуп аԥхын аамҭа ҳнапы ахьымнаӡаз, ҳазхьымӡаз, уи азы акоммуналтә усбарҭақәа адҵа рыҭоуп, ақалақь ицқьахартә еиԥш аԥшра аанахәартә еиԥш аусурақәа мҩаԥаагоит. Мамзышьхала ҳалагоит, уагьы иҟоуп аусбарҭақәа аус зуа, ҳамшқәагьы маншәалахеит, асасцәагьы имаҷымкәа иаҳзаауеит. Аԥсны иалҵны ицогьы Гагра иалсуеит аҟнытә иахьынӡаҳалшо арыцқьарақәа ҟаҳҵоит. Ареспубликатә мҩаду арыцқьара ашәра азгәаҭоуп, иҳамоу атехникеи амаругақәеи зегьы ҳхы иархәаны", - ҳәа азгәеиҭеит Џьениа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: