Адлер амҩатә машәыр ҟалеит

Шәача, Адлертәи араион аҿы амаланыҟәарныҟәцаҩ дисит BMW аԥсҟы зкыз ахаҵа. Амаланыҟәа иақәтәаз аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Шәача, Адлертәи араион аҿы амаланыҟәа иақәтәаз ашьапыламҩа еихысырҭаҿы дисит BMW аԥсҟы зкыз ахаҵа. Амаланыҟәарныҟәцаҩ аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ахҭыс аҭыԥ аман ауха. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аиномарка аԥсҟы зкыз ахаҵа 30 шықәса ихыҵуеит. Иара амаланыҟәарныҟәцаҩ данис ашьаҭхь апассаџьыртә автобус ЛИАЗ дасит. Автобус апассаџьырцәа ҭамызт.